Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш аҽны Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны имҩаԥысит ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә

14.08.2023

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш аҽны Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны имҩаԥысит ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә

Иахьа Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны имҩаԥысит аибашьра ианалагаз аахыс 31 шықәса аҵра инамаданы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз р-Мемориал аҟны ашәҭшьҭаҵара ацеремониа.

Ашәҭшьҭаҵара аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥсны иҟоу УА Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аӡбаратә уаажәларра анапхгара, Ашәарҭадара Ахеилак Сергеи Шамба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org