11.08.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Пицунда ақалақь амш аҽны адныҳәалара ҟаиҵеит.
Акыр иаԥсоу Пицунда ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи!
Ишәыдысныҳәалоит ижәытәӡатәу Аԥсны ақалақьқәа ируаку – Пицунда акалақь Амш.
Адоуҳатә-культуратә ҭынха беиа змоу Пицунда – Аԥсны ихадоу қьырсиантә центрны иҟан акыраамҭа. Пицундатәи аныхабаа иахьагьы аорӷантә музыка абзиабаҩцәа зҭаауа ҭыԥуп.
Ақалақь аԥшӡара, аҳауа азҩыдара, ашәаԥыџьаԥ, амшын аԥшаҳәа, асадкылара ирбоз ихнахуан есымшагьы Аԥсны иаҭаауа асасцәа, атуристцәа.
Рлагаламҭа дууп Пицундаа рҵеицәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааираҟны, хашҭра ақәым иаадырԥшыз афырхаҵара. Урҭ аӡәырҩы ҳаԥсадгьыл Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит.
Рыхьӡ кашәара ақәым ҳ-Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа - ахьӡырҳәагақәа!
Иахьагьы Пицунда амалқәа зегьы иреиҳауп ара иқәынхо, ихандеиуа ауаа, зықалақь гәакьа иамаз ахыԥша бзиа мырӡкәа иаазго.
Аныҳәатә гәалаҟазаара шәыгымзааит! Ҩнаҭацыԥхьаӡа игалааит ахәыҷы иччабжь! Еизҳазыӷьалааит, иҿиалааит ақалақь Шәаргьы ҳаргьы ҳусеицурала.
Ҽаанбзиала шәнеиааит, акыр иаԥсоу пицундаа!