Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа ААП аҟны аилацәажәара мҩаҧигеит

26.07.2023

Аслан Бжьаниа ААП аҟны аилацәажәара мҩаҧигеит

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ААП аҟны аилацәажәара мҩаҧигеит Аҧыза - министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Гагра араион Администрациа ахада Иури Хагәышь, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рустам Латипов алархәны.
Рустам Латипов адырра ҟаиҵеит аҵыхәтәантәи аамҭазы аинфраструктура аҿиараҟны,  Агәаҭара-аужьратә пункт «Ԥсоу» аҟны аҳәаахәчаратә нариадқәа аррмаҵзура рахысразы алшарақәа раԥҵаразы акыр аихьӡарақәа шыҟоу. «Ҳазҭагылоу аамҭазы амаҵзура ахысразы изызрыцҳау ҳәа акгьы ыҟаӡам», - Латипов.

Аслан Бжьаниа иаҵшьны иҳәеит аҳәааҟны амаҵзура иахысуа зегьы рзы аҭагылазаашьа бзиақәа шаԥҵоу, ари аҳәаахьчаратә проблемақәа рыӡбараҟны ацхыраара ҟазҵаз абизнесуаа ишрыбзоуроу.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа иганахьала иазгәеиҭеит лассы аҳазалхырҭа аҭыԥ аҟны ахыбра ҿыҟ шыргылахо, ара аидарақәа шәҟәыла реиқәыршәарагьы шымҩаԥысло, аррмаҵзура иахысуа рзы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа шаԥҵахо. Уи аргыларазы харџьынҵала 21 млн мааҭ аҭаххоит, 7 млн мааҭк уажәнатә иазоужьуп.
  Иацҵаны иҳәеит иахьагьы АҲЕ аусзуҩцәа русуразы, иара убасгьы аԥсшьаразы, аҭагылазаашьа бзиақәа шаԥҵоу, аус ауеит акрыфарҭа.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут иҳәеит ААП аҟны амилициа аҟәша апункт аҭагылазаашьа шыбзиам, убри аҟнытә хара имгакәа уи аиҭарҿыцра азҵаара ишахәаԥшхо.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәааҟны автотранспорттә ныҟәара аҳәаақәҵаразы аусура мҩаԥнагеит. Иҟоуп апассаџьырцәа рааира аус амҩақәҵара еиӷьызтәыша ажәалагалақәак.
«Аҳәааҟны имҩаԥырго амаҵзура иацу ауадаҩрақәа зегьы еилкааны иҳамоуп. Убри аан амаҵзурақәа зегьы ирыдаҳҵоит аусура еиҿкааны амҩаԥгара, ауаа ҳаҭырла рызныҟәара, раԥхьа иргыланы – ҳасасцәа. Иаҳхаҳмыршҭлап, Аԥсназы раԥхьатәи агәаанагара аҳәаа ианахысуа ауп ианроуа», - иҳәеит Ахада.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org