26.07.2023
Ахашаҽны, ҧхынгәымза 26 рзы ашьыжь аҳәынҭқарра Ахада Агәаҭара-аужьратә пункт аҟны дыҟан. Ахада агәаҭара-аужьратә пункт аҟны анхамҩатә усурақәа мҩаҧызго аобиектқәа дрыхәапшит, ҳазада аус зуа ахәаахәҭратә дәқьан - Duty free, иҟоуи зыргылара мҩаԥысуеи аобиектқәа.
Аҳәынҭқарра Ахада игәеиҭеит мчыбжьқәак раҧхьа зусурақәа хыркәшаны ахархәарахь ирыҭаз Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәаахьчаратә отриад аштаб ахыбра.
Анаҩс, Аслан Бжьаниа аизара мҩаҧигеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәаахьчаратә отриад, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы рнапхгара алархәны. Ирылацәажәеит иҟаз ауадаҩрақәа раарԥшра иадҳәалоуи урҭ ӡбашьас ирымоу амҩақәеи, агәаҭара-аужьратә пункт «Ҧсоу» аусура аиӷьтәреи иазкыз азҵаарақәа.
ААП апост аиҳабы Алиас Хьышба иҳәеит ахыбра ахьажәыз иахҟьаны ахархәара алымшо ишыҟалаз – ашьшьарсҭақәа шаиуыз, насгьы иара зықәгылоу анышә злаԥсыҽу ала ақәгара ргәы ишҭоу. Ара апункт ҿыц дыргылоит ашьҭаҵарҭа ҭыԥ аҭаны аидарақәа шәҟәыла реиқәыршәарагьы ара ишымҩаԥысло.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рустам Латипов астатистика далацәажәо, иазгәеиҭеит уахыки-ҽнаки аҳәаа 63 нызқь рҟынӡа ауаа, иара убас 11 нызқь атотранспорттә хархәагақәа шахысуа. «Арҭ ацифрақәа ирҳәоит ҵыԥхтәи ашықәс аасҭа аҳәаа иахысуа 10% ишеиҳахаз. Уажәы иҟоу арбагақәа рыла арекордтә рбагақәа рахь ҳаиасуеит», - иҳәеит иара.
Аиҧылара иалахәын Аҧыза - министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Гагра араион Администрациа ахада Иури Хагәышь.