Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Аҟәа араион актив алархәны анҭыҵтәи аизара мҩаҧигеит

14.07.2023

Аслан Бжьаниа Аҟәа араион актив алархәны анҭыҵтәи аизара мҩаҧигеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа араион актив алархәны Администрациа 2023 ш. актәи азбжа аусура иазкны анҭыҵтәи аизара мҩаҧигеит.

Актив аусура иалахәуп Аҧыза-минмстр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аиҳабыра алахәцәа, адепутатцәа.
«Аҟәа араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа 2023 ш. актәи азбжазы планла иартәоит 126 млн мааҭ, ахатәы хашәалақәа - 64,4 млн мааҭ, планла иарбоу 49,8 млн мааҭ раан, адотациақәа - 20,6 млн мааҭ, планла иарбоу 61,7 млн мааҭ аан, 41 млн мааҭ абиуџьет иамоуӡеит, асубсидиақәа – 14,2 млн мааҭ», - абас иҟоуп Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иааигаз арбагақәа.
Уи иара убас иҳәеит Аҟәа араион аҟны афымцамч азы иҟоу арбагақәа ртәы. «Еизгоуп 9 миллион мааҭ: 7,3 миллион мааҭ ршәеит ауаҩытәҩсатә хаҿқәа, 1,7 миллион — аиуристтә хаҿқәа. Азеиԥш уал иартәеит 45,8 миллион мааҭ, – иҳәеит иара, аизгарақәа  50% рыла ишазҳаз азгәаҭаны. – Ҵыԥх абри аамҭазы еизган 4,5 млн мааҭ».
Араион ахада араион аҟны хырхарҭацыԥхьаӡа иҟоу арбагақәа ааигеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org