Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы ареспубликатә штаб аԥиҵеит

11.07.2023

Ахада Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы ареспубликатә штаб аԥиҵеит

Ашьыжь, ҧхынгәымза 11 рзы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа изаамҭанытәим аилацәажәара мҩаҧигеит атәыла араионқәа рҟны иҟалаз аӡхыҵра иннажьыз аҧхасҭа аҭыҧ ақәҵара иазкны.

Аилацәажәара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ареспублика мҽхакыла зеиԥш ҟамлацыз аԥсабаратә рыцҳара ишаниаз. "Арыцҳара ахьыҟалаз ҭыҧқәоуп Гагра араион, Гәдоуҭеи Очамчыреи рраионқәа рыхәҭак. Иацы ари аҩыза арыцҳара ҟалеит аҳҭнықалақь аҟны. Ааха ӷәӷәа роуит ахатәы ҩнқәа, акурорттә инфраструктура. Рыцҳарас иҟалаз, инықәырԥшны акәзаргьы, уажәы иҟалаз аԥхасҭа иаҳнаҭаз ахарџь ахьынӡаҟоугьы ҳаздырӡом. Аԥсабара ааха рнаҭеит акоммуникациақәа, амашьынамҩақәа ҵнаӡӡәааит, иара убас иаанкылоуп Урыстәылатәи Афедерацеи Аԥсни ирыбжьоу аихамҩатә еимадара. Аха абри аҭагылазаашьаҿы ҳара ҳзы акраҵанакуеит атәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи, аӡәгьы машәыр имыхьроуп, - ари хадароуп ҳара ҳзы», - иҳәеит Ахада.

Ҧхынгәымза 10 рзы, ахәылбыҽха аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион аҟны аинспекциатә ныҟәара аныхиркәша ашьҭахь, иҟалаз арыцҳара аԥыхра иазку Ареспубликатә штаб аҧҵаразы адҵа инапы аҵаиҩит. Аштаб анапхгаҩыс даҭоуп Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб.  
Адҵа инақәыршәаны, иҟалаз арыцҳара иннажьыз аҧхасҭа аҧыхра иалархәу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы Ареспубликатә штаб анапхгарала еиқәшаҳаҭны аусура мҩаԥыргароуп.

Ахада аиҳабыра Анапхгаҩы инапы ианиҵеит зҭагылазаашьа уадаҩхаз атәылауааи атуристцәеи иахьынӡалшо ацхыраара рырҭарц, иара убас зыԥшрак ҟамҵакәа, Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьазы аминистрра, Атәылахьчара аминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра рымчратә усбарҭақәа аҳәынҭқарратә мчхара  азинмчызмоу аусбарҭақәа – Атуризм азы аминистрра, араионқәа радминистрациақәеи егьырҭ аилазаарақәеи рыцырхырааны алшарақәа зегьы рхархәара.

Атәылахьчара аминистрра иадҵоуп аӡхыҵра ахьыҟалаз аҭыԥқәа рыҟны амедицинатә цхыраара зҭаху ыҟазар аилкаара. «Иаҭаху ацхыраара рышәҭ. Атуристцәа ареспублика ааныжьны ацара зҭаху дыҟазар, уи аҩыза алшара рышәҭ», - иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада иара убас адҵа ҟаиҵеит аԥхасҭа зауыз ауаа зыда ԥсыхәа ыҟам фатәыла реиқәыршәаразы.  
«Аҭагылазаашьа ҷыда иақәшәаз атәылауаа ҳара ҳҟынтә адгылара роуроуп», - иҳәеит иара, Ареспубликатә штаб ицәырҵуа апроблемақәа ирықәҿыҭны, иҟалаз аԥхасҭа амҽхак ашьақәыргыларазы аусура амҩаԥгара рыдҵаны.

Ахада аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы ареспубликатә штаб алахәцәа азхьарԥшны иреиҳәеит дара ражәалагалақәа Аԥсны атәылауаа хықәкыла ирыҭатәу ацхырааразы азыӡба шьаҭас ишаҭахо.

Аилацәажәара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Апарламент Аиҳабы  Лаша Ашәба, Ашәарҭадара ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба,  аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org