Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада УА Адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент анапхгаҩы Сергеи Чериомин диҧылеит

07.07.2023

Ахада УА Адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент анапхгаҩы Сергеи Чериомин диҧылеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва Аиҳабыра Аминистр, Москва ақ. адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент анапхгаҩы Сергеи Чериомин диҧылеит. ́
Ҧхынгәымза 6 инаркны 9-нӡа Сергеи Чериомин напхгара зиҭо Москва Аиҳабыра аделегациа устә визитла Аҧсны иҟоуп.

Асасцәа аҧсшәа раҳәо, аҳәынҭқарра Ахада Аҟәеи Москвеи еиуеиҧшым аусхкқәа рыла реимадара азҿлымҳара шамоу атәы иҳәеит инаҵшьны.
«Ҳаиҧылара даара сеигәырӷьоит, Сергеи Евгени-иҧа.  Сара раҧхьаӡакәны Москватәи Аиҳабыра аделегациа сыдыскылоит, шәаара ҳаҭыр сзақәуп. Москва ҳара ҷыдала ҳазыҟоуп. Сара лымкаала агәахәара снаҭоит уажәы ҳтәыла аҳҭнықалақь аганахь ала аизыҟазаашьақәа рышьақәгылара иахьалаго»,- иҳәеит Ахада.

Москва ақ. адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартамент анапхгаҩы Аҧсны Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит Аҟәа ақалақь амш азгәаҭара аҽалархәразы ааҧхьара ахьриҭаз азы. «Иахьа Аҧсны иҟоуп Москва Аиҳабыра аделегациа ду. Арҭ Аиҳабыра еиуеиҧшы адепартаментқәа ирхаҭарнакцәоу исколлегацәақәаны ҳәа мацара акәӡам. Ҳара дҳацааит Москва ахәаахәҭра - ааглыхратә палата ахада, избан акәзар ҳнаплакыҩцәа рыбжьара активла аизыҟазаашьақәа рырҿиара ҳгәы иҭоуп»,- иҳәеит С. Чериомин.  

Уи иазгәеиҭеит Москва  атуризм аусхк аҟны аинвестицақәа ралыршара ишазхәыцуа, избанзар, Аҧсны, иара иажәақәа рыла, ртәылауаа рзы Аԥсны атуризм азы еиҳа бзиа ирбо ахырхарҭақәа ишыруаку.
«Сара  уи азы агәра згеит, ара шәыҧшаҳәа ҧшӡаҟны  иныҟәо ауаа рацәа  сахьрылаԥшыз. Асасааирҭақәа рҟны, шамахамзар, аҭыҧқәа рыҧшаара залшом. Иахьа иазгәаҭоуп еицырдыруа урыстәылатәи артистцәа рконцерт, иара убас ара иааны иҟоуп атруппа ду.
Иаартны ишәасҳәоит, ҳанхарҭа ҭыҧ алхра уадаҩын, иара уи шәыдысныҳәаларгьы сҭахуп», - иҳәеит иара.
Даҽаганкахьала, С. Чериомин иажәақәа рыла, Аҧсны Аҳәынҭқарра атуризм аҿиаразы, агәазҭаҵаразы ацхыраара аҭахуп. «Москвеи Аҟәеи ҩ-ганктәи русеицуразы аиқәшаҳаҭра аҵаҩра  азгәаҭоуп, ҳаҳҭнықалақьқәа руааԥсыра рыбжьара аиҩызареи аилибакаареи рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны», - иҳәеит иара.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иаҵшьны иҳәеит, наҟ-ааҟ еицырзыфеидоу Москва аус ацура арҿиара зҿлымҳара шаиҭо.
"»Ҳара, ҳәарада, урыстәылатәи аҳҭнықалақь аҟны иҟоу иреиӷьу атехнологиақәа ҳхы рызҳархоит», - иҳәеит А. Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа, иара убас иҭабуп ҳәа реиҳәеит Москва америа анапхгара Аҟәа ақ. амшныҳәазы, еицырдыруа урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа алархәны аконцерттә программа аҳасабала аҳамҭа иҟарҵаз азы, иара убас Москва амер Сергеи Собианин  асалам изиҭиит.
Аганқәа иара убас ирылацәажәеит амҩақәа рыҟны ашәарҭадара алыршареи, аҵараиуреи, егьырҭ аусхкқәеи рыҟны аусеицура иазку иактуалтәу азҵаарақәагьы.
Аиҧылара иалахәын Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҟәа  аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org