Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аԥсны ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит

04.07.2023

Ахада Аԥсны ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит

  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит.

«Акыр иаԥсоу аушьҭымҭацәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит абжьаратәи ашкол аҟны аҵара ахыркәшара.
Аԥсны ашколқәа рыҟны ихыркәшоуп аушьҭымҭатә балқәа. Ԥеиԥш бзиала, алшара ҿыцқәа рыла ишьақәгылоу аԥсҭазаара ду ашҟа шәшьаҿа еихыжәгеит. Арҭ ашықәсқәа зегьы шәҽадцаланы имҩаԥыжәгоз аусура ишәнаҭеит алҵшәа бзиақәа.
Шьҭа аԥхьаҟатәи аԥсҭазаара, Аԥсны аҿиараҟны дасу ишәылшо ала шәлагаламҭа аҟаҵара шәазхиоуп.
Шәхы агәра жәгала, шәаанымгылакәа ԥхьаҟа шәцала, иааиԥмырҟьаӡакәа шәдыррақәа реизырҳара шәашьҭаз.  

Ишәзеиӷьасшьоит шәаԥхьаҟа ишәзыԥшу аԥышәарақәа қәҿиарала рыҭира. Сара агәра згоит дасу шәара ишәтәу азанааҭ шалышәхуа, уи аԥхьаҟатәи шәеихьӡарақәа уасхырс ишырзышьҭало.

Ҳаҭыр зқәу 2023 шықәса аушьҭымҭацәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра шәара ишшәызгәду, есқьынгьы шәыдгылара ишазхиоу жәдыруаз.

Зегьы шәгәыхәтәқәа шәрыхьӡааит! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аихьӡарақәа».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org