28.06.2023
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, иҳәоуп:
"Акыр иаҧсоу ҳџьынџьуаа!
Аҧсны иқәынхо аҧсылманцәа гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Кәырбанныҳәа! Ари адунеи иқәынхо аҧсылманцәа зегьы агәреибагареи анцәахаҵареи ирдыргоу, иҧшьоу агәырӷьара зцу ныҳәаны иазгәарҭо ныҳәоуп.
Кәырбанныҳәа иугәаланаршәоит ахамеигӡареи арыцҳаибашьареи ирымоу иҵаулоу адоуҳатә ҵакы. Кәырбанныҳәа ацхыраара зҭаху рыцхыраашьа, рыдгылашьа унарҵоит. Иҳанаҳәоит ауаҩы ирыцҳашьареи, ҧсыцқьала изыҟазаашьеи иамоу аҵак ду атәы.
Абри амш аҽны Аҧсны иқәынхо аҧсылманцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, анасыҧ, ахирра. Кәырбанныҳәа Аҧсны иқәынхо ажәлар зегьы реилибакаареи, ирыбжьоу аҧхарреи, ракзаареи ирсимволхааит.
Ҽаанбзиала шәнеиааит!"