24.06.2023
ХАЕ (Хазхаҭалатәи арратә еилахәыра) «Вагнер» арратә қәгыларазы аҽазышәара инамаданы, адырра ҟасҵоит мҽхакы ҭбаала Урыстәылатәи Афедерациа Ахада – Арбџьар мчқәа иреиҳаӡоу рыдҵаҟаҵаҩ Владимир Владимир-иԥа Путин азакәантә леишәа ашьақәыргыларазы имҩаԥиго акурс ҳшадгыло азы.
Агәра згоит Урыстәыла Ахада Владимир Путин игәаӷьреи иҟәыӷареи ирыбзоураны Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциеи азакәанқәеи инарықәыршәаны аҵыхәтәантәи амшқәа рзы имҩаԥысуа ахҭысқәа қәҿиарала ишхыркәшахо.
Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟалалакгьы, Урыстәылатәи Афедерациа аҿаԥхьа иаду ахыдҵақәа рынагӡара иазхиоуп. Иҷыдоу арратә операциа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рганахьала ааԥхьара ҟасҵоит апровокациақәеи азинеилагаратә ҟазшьа змоу аусқәеи рыҽрыларымгаларазы.