15.06.2023
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идныҳәаларатә шәҟәы Аҧсны Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәа аныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәаҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура амш.
Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аҧҵоижьҭеи 31 шықәса ҵит, абри аамҭа иалагӡаны аусзуцәа ирылшеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых адаҟьақәа иналукааша ахҭысқәа рыла рхарҭәаара.
Азанааҭ адырра, иҷыдоу аҭагылазаашьа ианаамҭоу ақәҿыҭра, ҭакҧхықәрала амаҵзура азнеира, инарҵауланы амаҵзура аҵакы аилкаара реиԥш иҟоу аҷыдарақәа рылоуп Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәа.
Ргәалашәара ҳацуп змаҵзуратә уал анагӡаараан иҭахаз аусзуҩцәа. Аҳәынҭқарреи аҧсуа жәлари рыхьӡала иаадырԥшуаз ахачҳареи ахамеигӡара хашҭра рықәӡам.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәеи аофицарцәеи рыжәҩа иқәуп аус ҷыда - ҭакҧхықәрала рмаҵзура азнеира, аҳәынҭқарреи анапхгареи ршәарҭадара ахьчара.
Шәзанааҭтә ныҳәа аҽны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит набыцра амамкәа имҩаԥыжәго аусуразы, Аҧсны Аҳәынҭқарреи ауаажәлари рыхьчаразы.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәусураҿы аихьӡарақәа!"
--