Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Гагра араион аҧсабаратә рыцҳара иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҭиҵааит

14.06.2023

Ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион аҧсабаратә рыцҳара иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа еиликааит.

Иахьа  иҟалаз ақәоура бааҧс иахҟьаны араион аинфраструктура ааха ӷәӷәа аиуит.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Ахада адырра ииҭеит арыцҳара ахьыҟалаз аҭагылазаашьа зеиҧшроу азы:

"Уажәы амашьынамҩа аартуп, хырхарҭа ҧсахрала аусура цоит. Рыцҳарас иҟалаз, аихамҩа ҵнаӡәӡәааит, уахь макьана аусура аанкылоуп".

Аминистр, иара убас иҳәеит Москвеи Санкт- Петербургынтәии иаауаз Гагра аҳәаа Цандрыҧшь араион аҟны ишгылоу, аҧсшьаҩцәа ракәзар, агәҭынчымра шаадырҧшуа.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра анапхгаҩы Ахада адырра ииҭеит апассаџьырцәа ацхыраара шрырҭо, амикроавтобусқәа рыла дасу иахьцоз ақалақьқәа рахь ишырго.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыҧ аҟны шьыжьаахыс Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуцәеи акоммуналтә усбарҭақәеи  амҩақәеи дрыцқьоит. Уи иабзоураны ҩ-сааҭк раҧхьа амҩа аартра алыршахеит, амашьынақәа рныҟәара хацыркхеит.

Ахада аҭагылазаашьа ҷыдала дахылаҧшуеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org