Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа ҳауаажәлар Ахәыҷқәа рыхьчара амш рыдиныҳәалеит

01.06.2023

Аслан Бжьаниа ҳауаажәлар Ахәыҷқәа рыхьчара амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҳауаажәлар Ахәыҷқәа рыхьчара амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ахәыҷқәа рыхьчара амш!

Ахәыҷқәа ҳара аԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш ҳәа ҳрыхәаԥшуеит, урҭ рыхӡыӡаара ҳара ҳзы зегьы ирыцкуп. Ахәыҷқәа ауаажәларра рыҩныҵҟа зегь раасҭа иуашәшәыроуп ҳәа иԥхьаӡоуп, убри аҟнытә ҳтәылаҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи еиқәырханы урҭ ршәарҭадара ахьчара ҳнапы иануп.
  
Ахәыҷқәа рыхьчара амш ҳара аиҳабацәа даҽазныкгьы ахәыҷқәа ирыдҳәалоу апроблемақәа ҳрызхьанарԥшуеит, урҭ рзинқәа шыхьчатәу ҳазнархәыцуеит.
Ахәыҷқәа зегьы ирзеиӷьасшьоит игәырӷьахәу, илахҿыху аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа, агәабзиара, аҭынчра, анасыԥ зцу ахәыҷра.

Аҭаацәа зегьы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп рааԥсаразы, ҿыц игыло абиԥарақәа рааӡара зду ирырҭо азҿлымҳаразы, иахьрыхӡыӡаауазы.

Ишәҭлааит, еизҳазыӷьалааит Аԥсны, ҩнаҭацыԥхьаӡа ахәыҷы иччабжь ҩныҩлааит!».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org