30.05.2023
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Изааҭгылеит аоппозициа имҩаҧнаго амитинг шакәаншьаҭала амҩаҧгара иадҳәалаз азҵаарақәа.
"Амчратә еилазаарақәа адҵа рысҭоит азакәан ишақәнагоу аус рурц, апровокациақәа ҟамлароуп, ус еиҧш аныҟала, азакәан ишаҳәо шәныҟәароуп", - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.