21.05.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара Амш инамаданы Аҟәа Амшын аԥшаҳәаҟны имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Гәынба Бадра, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Администрациа Анапхгаҩы Нанба Џьансыхә, аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.