Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Аԥсны ААР Амедиацентр аҟны афорум «Global Abkhazia» далахәын

18.05.2023

Аслан Бжьаниа Аԥсны ААР Амедиацентр аҟны афорум «Global Abkhazia» далахәын

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ААР Амедиацентр аҟны имҩаԥысуаз афорум «Global Abkhazia» далахәын.

Афорум Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵара 30 шықәса ахыҵра иазкын.
Аусмҩаԥгатә аҟны иалацәажәеит ҳаамҭазтәи аполитикеи адипломатиеи инарымаданы иактуалтәу азҵаарақәа, иара убас Аԥсни ИАР, Ааигәа мрагылара, Латинтәи Америка атәылақәеи аус рыцура азҵаарақәа.
Афорум иалахәыз ҷыдала хшыҩзышьҭра арҭеит УА аԥшьгареи адгылареи рыла имҩаԥысуа апостоветтә наӡааӡараҟны аинтеграциатә процессқәа.
Ирылацәажәеит иара убас ашәарҭадара алыршареи, аполитикаҿы ҳаамҭазтәи аинформациа-коммуникативтә технологиақәа русхк аҟны аусеицура, Женеватәи адискуссиақәа ирыдҳәалоу егьырҭ азҵаарақәа.
Афорум иалахәын Аԥсны анапхгара ахаҭарнакцәа, еиуеиԥшым атәылақәа рыҟнытә асасцәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org