Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵразы адныҳәалара ҟаиҵеит

17.05.2023

Ахада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵразы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи  алипломатиатә маҵзура аусзуцәеи  Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аҧҵоижьҭеи 30 ш. аҵра арыцхә рыдиныҳәалеит.
Аныҳәатә еилатәара  мҩаҧысуеит Аминистрацәа Реилазаара ахыбраҟны.

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иҳәеит:

"Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иҧа, ҳаҭыр зқәу Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аусзуцәа!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит  Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 ш. ахыҵра.
Аҧсуа дипломатиатә маҵзура акыр иуадаҩыз, аинтерес зҵаз ашьақәгылареи аҿиара амҩеи ирнысит. Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аҧҵан аибашьра  ашыкьымҭазы, 1993 ш. лаҵарамза 17рзы.

Амацәаз ҳанҭакыз, аекономикатәи аполитикатәи блокада аныҟаз, Қырҭтәыла аганахь ала ақәыларазы аҽазышәарақәа анцоз, Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра имариамыз адәныҟаполитикатә усура мҩаҧнагон.
Есаамҭа Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаҧсаз анапхгаҩцәа аман.


30 шықәса раахыс Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра қәҿиарала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитикатә интересқәа рыхьчаразы анапы иану аусура мҩаԥнагоит. Ҷыдала, ААР аҵак ду змоу алагаламҭа ҟанаҵеит урыстәыла-аԥснытәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны. 2008 шықәсазы ҳтәыла аҭоурых аҟны акрызҵазкуа ахҭыс ҟалеит – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ атәылақәа жәпаки.
Аминистрра алагаламҭа дууп жәларбжьаратәи аренаҿы Аԥсны адәныҟаполитикатә позициа арӷәӷәара аус аҟны, арегионалтәи, жәларбжьаратәи аконтекст аҿы иара иақәнагоу аҭыԥ алыршараҟны.

Аҵак ду змоу абри амш аҽны адәныҟаполитикатә усбарҭа аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, аизҳазыӷьара, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала адипломатиатә усураҟны аихьӡарақәа!».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org