14.05.2023
Иахьа, лаҵарамза 14 рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, "Ахьӡ-Аҧша" аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 ш. аҵра амш инамаданы Алада Ешыра ақыҭаҿы Амемориал аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаҧысит.
Аусмҩаҧгатә иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Жәлар Реизара _Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҧыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Ашәарҭадара Амаҵзура амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аиҳабырауаа, апарламент адепутатцәа, аветеранцәа, ашколхәыҷқәа.