12.05.2023
Иахьа Аԥсны Жәлар рпоет, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Баграт Шьынқәба диижьҭеи 106 шықәса ҵит.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Аиҳабырауаа, арҿиаратәи, аҭҵааралырратәи интеллигенциа ахаҭарнакцәа, апоет иҭынхацәа, ашколхәыҷқәа Аҟәа ақалақь аҟны Жәлар рпоет ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.