09.05.2023
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин Аиааира Ду амш идиныҳәалеит
Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит хаҭала Шәареи Урыстәыла ауаажәларреи зегьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 78 ш. ахыҵра амш.
Иахьа ҳара ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраҿы иаиааиз, анемец фашистцәа рҟынтәи зыжәларқәа рхақәиҭреи рхьыԥшымреи зыхьчаз аибашьцәа, урҭ ԥсра зқәым рыбзырӡы наунагӡа иаҳҳәалоит.
Ҳарҭ ахә ҳаракны иаҳшьоит зыԥсадгьыл афашизм иацәызыхьчоз асовет еибашьцәа, ауаажәларра рфырхаҵареи, ргәамчи.
Аԥсны ҳаҭырла иргәаладыршәоит аибашьцәа ицаз афырхацәа рфырхаҵара атәы, урҭ рахьтә аӡәырҩы рыҩныҟақәа рахь еибганы изыхнымҳәит.
Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ргәалашәара ҳауаажәлар реиҩызараатә еизыҟазаашьақәа шьақәнарӷәӷәоит. Аиааира Ду Аԥсни Урыстәылеи реидгылареи реиҩызареи ирсимволны наунагӡа иаанхааит!"