09.05.2023
Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура адиректор Алеқсандр Бортников Аиааира Ду амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
" Ҳаҭыр тзқәу Алеқсандр Уасил-иԥа!
Ишәыдышәкыл гәык-ԥсык ала иҟасҵо адныҳәалра - Аиааира ду амш ныҳәазы.
Аԥсадгьыл аиааиреи ахақәиҭреи азаазгааз ҳфырхацәа иаадырԥшыз афырхаҵара дуӡӡа ҳагәқәеи ҳтоурыхи рыҟны наунагӡа иҿымцәаауа мцабзҵас иаанхоит.
Аиҩызареи аиашьареи зыбжьоу Урыстәылатәи Афедерациеи ҳара егьырҭ Ареспубликақәеи ҳзы ари аныҳәа афырхаҵареи, ахачҳареи, еицамкуа адоуҳаи ирсимволуп. Ҳарҭ еснагь иаҳгәалашәоит Аиааира Ду ус мариала ишаҳмоуз. Иҭабуп Афырхацәа рыгәаӷьразы, рпатриотизм азы, иахьатәи ҳамш лашазы.
Урыстәыла ҩаԥхьа ҳазҭагылоу аамҭазтәи афашизм иаҿагылоуп. Есышықәса имҩаԥысуеит афырхаҵаратә хҭысқәа Урыстәылатәи Афедерациа аинтересқәа рыхьчаразы. Агәра ҳгоит - Аиааира шааигәоу!
Алеқсандр Уасил-иԥа, гәыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааира Ду амш! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аԥсҭазаара агәацԥыҳәара, аҭынч жәҩан аҵаҟа анхара. Даҽазныкгьы аныҳәа шәыдысныҳәалоит!"