09.05.2023
Аслан Бжьаниа УА Ашәараҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Николи Патрушев Аиааира амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Николаи Платон-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аныҳәа ду - Аиааира амш!
Лаҵарамза 9 – иагьылашоу, иагьлахьеиқәҵагоу, зегьы ҩныҵҟала иҳадаҳкыло Ныҳәа дуӡӡоуп. Милаҭрацәала еилоу ажәлар иҟарҵаз афырхаҵара амш лашара, ажәҩан иаҵәа ҳнаҭеит. Ари азы аӷа ҳаицәызыхьчаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны иҭахаз рыхьӡқәа рҿаԥхьа ҳхырхәоит.
Ари ныҳәа ҷыдоуп, милаҭрацәала еилоу Урыстәылеи уи аиашьаратә республикақәеи рыжәлар зегьы ирзеиԥшу ныҳәоуп. Иара иацуп ҭаацәацыԥхьаӡа рхатәы ҭоурых аҟәырҷахақәа. Ҳара иаҳгәалашәоит, ахааназгьыы иаҳхашҭуам ҳԥеиԥш лаша ахьӡала зхы иамеигӡаз рфырхаҵарақәа ртәы.
Ҳаҭыр зқәу Николаи Платон-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишзеиӷьасшьоит Шәаргьы, ишәзааигәоу ауаагьы агәабзиара, ахирра, аизҳазыӷьара! Иҟазааит есқьынгьы аҭынчра!».