09.05.2023
Аслан Бжьаниа УА Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Актәи Ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев Аиааира амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Рашид Гумар-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аныҳәа ду - Аиааира амш!
78 шықәса раԥхьа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира агара иабзоураны миллионҩыла ауаа аҭынч ԥсҭазаареи уаҵәтәи амш агәрагареи ырхынҳәын. Ари аԥышәара дуӡӡа аан иаарԥшыз еицакра змам адоуҳамч, Аԥсадгьыл абзиабара, афырхаҵара, агәымшәара, ахачҳара иалҵшәахеит.
Аиааира амш иҷыдоу, даҽакы еиԥшым, жәларызегьтәи ныҳәоуп Урыстәыла атәылауаа рзеиԥш, егьырҭ атәылақәа руааԥсыра рызгьы, Аԥсны жәлар убрахь иналаҵаны.
Ҳара зегьы ҳзы Аиааира амш акрызҵазкуа ныҳәа лашоуп. Ари аӷа иҿаԥхьа милаҭрацәала еилоу атәыла акзаара иасимволны иҟоуп.
Ҳаҭыр зқәу Рашид Гумар-иԥа, абри аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа аԥхьаҟагьы Аԥсадгьыл амаҵ аураҟны, урыстәылаа зегьы – аҭынчра, аизҳазыӷьара».