Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Аиааира ду 78 ш. ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәуп

09.05.2023

Аслан Бжьаниа Аиааира ду 78 ш. ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәуп

Аслан Бжьаниа Аиааира ду 78 ш. ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәуп.

Лаҵарамза 9, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира агара амш аҽны Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз ацеремониа иара убас иалахәын Аԥыза-аминистр Алеқсандр Анқәаб,  Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҟәа ақалақь администрациа ахада  Беслан Ешба, Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәылацәа, аруаа, амчратә блок ахаҭарнакцәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org