09.05.2023
Аслан Бжьаниа Леонид Пасечник Аиааира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Леонид Иван-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира агара 78 ш. ахыҵра.
Ари аныҳәа иаҳгәаланаршәоит ҳабацәа рфырхаҵара атәы, ахақәиҭра азықәԥара ишаԥсоу.
Иахьа ҷыдала ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит асоветтә солдаҭцәа рфырхаҵара атәы, иара убас атыл аҟны ихандеиуаз. Аиааира агара алыршахеит еиҳаракгьы асоветтә жәлар реидгылареи ракреи ирыбзоураны.
Аҭынчреи афашизм ацәыхьчареи рзы ақәԥара иалахәыз рфырхаҵара агәаларшәара ҳажәларқәа аидгыларатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьанаҵоит. Иахьа еиҭа ҳара аҭынчреи ажәларқәа реинаалареи аиқәырхаразы иҳаду аҭакԥхықәра шьақәҳарӷәӷәоит».