03.05.2023
Актәи Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭаӷӡаны имҩаԥысит Аԥсни Алада Уаԥстәылеи рхадацәа реиԥылара.
Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев иҭабуп ҳәа еиҳәеит аԥсуа делегациеи Алада Уаԥстәыла Аԥсны Акультура амшқәа раан ахореографиатә коллективқәеи рыдкылара иаҵаз аԥхарразы.
«Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит иҟашәҵаз адкыларазы. Ас еиԥш иҟоу аимадарақәа ирыцҵатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ари аҵак ду амоуп. Аҭагылазаашьа схы иархәаны Аԥсныҟа ааԥхьара шәысҭарц сҭахуп. Шәара ианшәзыманшәалоу шәыдкылара ҳазхиоуп», – иҳәеит иара.
Алан Гаглоев иазгәеиҭеит Аԥсни Алада Уаԥстәылеи лахьынҵак шрымоу, ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ҭоурыхла аизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәгылара мҩаԥысуан.
«Иҭабуп ааԥхьаразы. Сара сганахьалагьы, Алада Уаԥстәылаҟа шәнасыԥхьарц сҭахуп. Ауадаҩрақәа ҳҳаҳгеит шәаргьы ҳаргьы, сынтәа Алада Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи иазгәарҭоит УА аганахьала ҳреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра. Ари арыцхә ҳара ҳзы даара аҵакы дууп, шәареи ҳареи ибзианы иаҳдыруеит аҭынч ԥсҭазаара иахҭынҵоу", - Алада Уаԥстәыла Ахада.
Аслан Бжьаниеи Алан Гаглоеви аиашьаратәи аиҩызаратәи еимадарақәа рырӷәӷәареи рымҽхак арҭбаареи ирызку иактуалтәу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
.