01.05.2023
ԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лыхны ақыҭа даҭааит Лыхнашҭаҟны игылоу иԥшьоу аҭәаҵла аҭагылазаашьа агәаҭаразы. Ааигәа ахәымгара ззыруыз аҵла иаҵәа бӷьыла ихҟьоуп.
Аслан Бжьаниа аҵла аҭагылазаашьа цәгьаӡам ҳәа азгәеиҭеит: «Анцәа имчала, иара убас аспециалистцәа рыбзоурала, шьҭа аҵла ԥшьа аиқәырхара алшап ҳәа ҳгәыӷуеит».
Аҳәынҭқарра Ахада ицын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гунба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, акультура аминистр Даур Ақаҩба.