01.05.2023
Лаҵарамза 1 азы Гәдоуҭа ақалақь аҟны имҩаԥысит Нестор Лакоба диижьҭеи 130 шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә.
Н.В. Лакоба ибаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ашьҭахь Акультура Ахан аҟны имҩаԥысит аиубилеитә программа. Уи даҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Агәаларшәара ахәылԥаз хацыркын Нестор Лакоба ихәыҷреи иқәыԥшреи, иара убас дызнысыз аҳәынҭқарратә, аполитикатә мҩа ахцәажәарала.
Ирыԥхьеит Лакоба иҟазшьа аҷыдарақәеи иҭархареи атәы зҳәоз ажәеинраалақәа.
Еизаз иддырбеит асоветтә Аԥсны аҳәынҭқарратә усзуҩы дуӡӡа Нестор Лакобеи иԥшәмаԥҳәыс Сариеи рыԥсҭазаара, рҟазшьақәа, иуадаҩыз рлахьынҵеи рзы Адиле Аббас-оӷлы лгәалашәара иазку адокументалтә фильм. Афильм аҟны иаарԥшуп Лакоба иҭахара иазку аинформациа, уи маӡала анышә дахьамардаз азы иҟоу агәаанагарақәа.
Агәалашәара ахәылԥаз аҟны дықәгылеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиа. Уи далацәжәеит ашәҟәқәа "Харада ахара зыдҵоу", "Агәхаршҭраҟнытә ԥсра зқәым рахь", ҿырԥшыс иаалгеит аԥсуа жәлар зегьы неибеиԥшны Лакоба ишҟа ирымоу абзиабара: "Нестор очамчыратәи, гәдоуҭатәи ҳәа еилых ҟаиҵомызт, зегьы еиҟараны бзианы ибон", - лҳәеит Бебиа.
Иқәгылаз рыҩныҵҟа дыҟан ауаажәларратә усзуҩы Беслан Кобахьиа, Лыхны ақыҭа Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Валико Гобечиа, Лакәараа рхаҭарнак. Урҭ иазгәарҭеит Аԥсны жәлар зегьы бзиа еицырбо Нестор Лакоба ҳаԥсадгьыли аԥсуа жәлари рзы иҵак ду.
Аиубилеитә усмҩаԥгатә аҟны Ахада ицын атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа: Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Апарламент адепутатцәа.