18.04.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москва иҟазаараан имҩаԥысит Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Актәи ихада Рашид Нургалиеви иареи реиԥылара.
Ирылацәажәеит арегионтә шәарҭадареи Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиареи рызҵаарақәа.
Бжьаниеи Нургалиеви иара убас ирыхәаԥшит аԥхынтәи аԥсшьара аамҭазы Аԥсны иаҭаауа урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара алыршара азҵаарақәа.