16.04.2023
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Мшаҧныҳәа идиныҳәалеит Лугансктәи Жәлар Рреспублика Ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Леонид Пасечник.
Адныҳәалараҿы, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Мшаҧныҳәа Лаша. Мшаҧныҳәа еиднакылоит ақьырсиан динхаҵаҩцәа анасыԥ, агәырӷьара реиԥш иҟоу ацәаныррақәа. Ари аҽны аҵас бзиақәа ирықәныҟәаны аҭаацәа зегьы еизоит даҽа аамҭанык еиҧшымкәа рыгәқәа бзиабарала иҭәны.
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, Анцәа илаҧш шәыцзааит шәнапы злашәкуа шәусқәа зегьы рҟны, ишәзеиӷьасшьоит агәамч, ахирра».