06.04.2023
Беларус Ахада Александр Лукашенко Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә.
Иуадаҩыз аамҭазы милаҭтә ԥызаны шәаныҟала, шәнапы ианылеит ихьанҭаз амиссиа – аԥсуа дгьыл аҟны иззыԥшу аҭынчра архынҳәра, аԥсуа жәлар рыхьчара, аизҳазыӷьаразы, аҿиаразы ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭагылазаашьа аԥҵара.
Сара агәра згоит шәгәы иҭашәкыз аусқәа рынагӡаразы изыхәҭоу аҟазшьақәеи аԥышәеи шшәымоу.
Гәахәала исгәалашәоит белорусиа-аԥснытәи аусеицуразы аԥхьаҟатәи аусқәа ҳахьрылацәажәоз аиҩызаратә ҟазшьа змаз ҳаиԥыларақәа.
Ҳара ҳганахьала иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит аекономикатә еимадарақәа аԥхьаҟагьы рырӷәӷәаразы, аԥышәеимдаразы, Мински Аҟәеи рыбжьара ауаатәҩсабжьаратә еимадарақәа рырҿиаразы.
Ари аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭакԥыхқәра зцу аусураҟны аихьӡарақәа, шәҭаацәеи шәҩызцәеи шәыгымкәа ақәра ду нышәҵааит».