06.04.2023
Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Николаи Патрушев Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә. Сара агәра згоит арегионтә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирызкны ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ганрацәалатәи аусеицура аҿиара аурыси аԥсуа жәлари риашьаратә еимадарақәа рырӷәӷәара ишацхраауа.
Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара иазку шәусураҟны аихьӡарақәа, анасыԥ, ахирра ҭаацәаныла»