Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, азин сышәҭозар, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа арыцхә – 60-шықәсашәхыҵратә аиубилеи.
Аслан Гьаргь-иԥа, Шәара шәиубилеи шәаԥылоит шәҭәымҭа шәанҭагылоу, агәамч аншәымоу аамҭазы. Аҭакԥхықәра зцу шәусура апроессионализм ду, аҟәыӷара, хамеигӡарада Аԥсадгьыли аԥсуа жәлар рымаҵ аура ирҿырԥшыга бзианы иҟоуп.
Абри аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, ақәҿиарақәа, шәҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рынагӡараҟны аихьӡарақәа, анасыԥ».