Михаил Шургалин Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит

Михаил Шургалин Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит

ԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иирамш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә аацҳамҭаҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Гәык-ԥсык алак ишәыдысныҳәалоит Шәира амш.

Аԥсны ареспублика ахада имаҵзураҟны урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи ҩ-гантәи аиҿцәажәарақәа рырӷәӷәареи рырҭбаареи рҿы Шәара хаҭала шәлагаламҭа дууп. Урыстәылатәи Афедерациа аидгылареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас иҟаҵаны Урыстәылатәи Афедерациа аиашьаратә Аԥсны ганрацәалатәи ацхыраара иацнаҵоит уи жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәараҟны, асоциалтә-економикатәи акультура-гуманитартәи ҿиараҟны, ашәарҭадареи асуверенитети реиқәырхареи рыҟны.

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аихьӡарақәа аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны».


Возврат к списку