03.04.2023
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лили Бганҧҳа аҵыхәтәантәи лымҩахь лынаскьагара иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын. Лили Бганԥҳа лыҧсҭазаара далҵит иҳаҩсыз ахәаша, Аҟәа ақалақь, 86 ш. лхыҵуан.
Лили Дыгәыжь-иҧҳа Бганба иланашьоуп Аџьа абираҟ ҟаҧшь аорден, "Ахьӡ-Аҧша" аорден II аҩаӡара. Аҧснытәи АССР ахәаахәҭра аминистрc, АССР Аҧснытәи Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, 1993 ш. инаркны 2005 ш. Аҧсны Аҳәынҭқарра афинансқәа рминистрс дыҟан.