Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара анашьаразы

08.03.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада   2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №78 ала агәабзиарахьчара аусхк аҟны алшамҭақәеи  апрофессионализм ҳараки рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ранашьазааит:

ОҬЫРБА Лиудмила Аслан-иԥҳа – Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Агәабзиарахьчара аусбарҭа» «Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа» Афилиал №7 акардиологиатә ҟәша аиҳабы;
ԤИԤИА Инга Шалва-иԥҳа – АА Агәабзиарахьчара аминистрра АУ «Ареспубликтә хәышәтәырҭа» хырԥашаьа змам акардиологиа аҟәша аиҳабы, аҳақьым-акардиолог;
ҲАЛБАД Нонна Виктор-иԥҳа – «Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа» аҳақьым-неонатолог;
ЧУБУКОВА Лада Владимир-иԥҳа – Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Агәабзиарахьчара аусбарҭа» «Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа» Афилиал №7 аҳақьым-атерапевт.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org