Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба диҧылеит урыстәылатәи иколлега Николаи Патрушев.

16.04.2015

Мшаҧы 16, 2015 шықәса, Москва. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба диҧылеит урыстәылатәи иколлега Николаи Патрушев. Аиҧылараҿы ирылацәажәан Аҧсни Урыстәылеи ртәылахьчареи ршәарҭадареи рзеиҧш цәаҳәа. Николаи Патрушев ҩ-ҳәынҭқаррак ршәарҭадаразы агәҽанҵара иазку аусхкқәа разырхиареи рынагӡареи ирызку аусбарҭабжьаратә усеицура алҵшәақәа бзиоуп ҳәа ахә ишьеит.

Убри адагьы аиҧылараҿы рнапы аҵарҩит Аҧсни Урыстәылеи Ршәарҭадаратә хеилакқәа раппаратқәа рыбжьара аусеицура 2015-2016 шықәсазтәи Аплан. Ари Аплан аҿы иазгәаҭоуп атәылахьчареи ашәарҭадареи рзеиҧш цәаҳәа ашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны, ҩ-ҳәынҭқаррак рымчратәи рзинхьчаратәи усбарҭақәа рхылаҧшразы русеицура. Насгьы ари абҵара 24, 2014 шықәсазы Аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра аҿиаразы еиҭа иҟаҵоу даҽа шьаҿакны иҟоуп.

Муҳамед Кьылба агәра шиго иҳәеит, рнапы зҵарҩыз аплан аҩ-усбарҭак лҵшәазмоу русеицуразы цхыраагӡа ҿыцны ишыҟало ала.  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org