28.02.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит Аминистрцәа реилазаареи Аԥсны Апарламенти рнапхгара алархәны.
Аиҧылара аартуа, Ахада уи алахәцәа ирзеиҭеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациахь, иара убас Белоруссиаҟа иусуратә ныҟәарақәа рылҵшәа.
Раҧхьа иргыланы, Аслан Бжьаниа далацәажәеит Минскҟа ицара алҵшәа, убри аан иазгәеиҭеит Белоруссиа ҳтәыла аганахь ала имҩаҧнаго аиҩызаратә политика. Ҷыдала, аибашьра ашьҭахь, 1992-93 шш.рзы Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла аганахь ала Аҧсны зҭакыз амацәаз Белоруссиа адымгылаӡеит. Аҳәынҭқаррақәа рхадацәа реиҿцәажәараҟны иазааҭгылан аекономикатә еимадарақәа рырҭбаара, аҩ-ҳәынҭқаррак ртәылахьчара аминистррақәеи иҷыдоу аусбарҭақәеи рыбжьара аимадара абжьаҵара. Аекономикатә еизыҟазаашьа азҵаара далацәажәо, Аслан Бжьаниа аиҧылара алахәцәа иргәалаиршәеит, Лукашенко Аҧсны даныҟаз зҿлымҳара шриҭаз ҳтәылаҿы аинвестициатә проектқәа. Минсктәи аиҧылараҟны аганқәа азааҭгылеит Очамчыра араион аҟны азеиҧш проект аус адулара. Аусурақәа хацыркхоит 2024 ш. мшаҧымза иахымгакәа. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, 80% иреиҵамкәа аусуҩцәа ҳтәылауаа шракәхо.
Аизара алахәцәа рахь ааҧхьара ҟаҵо, Ахада иҳәеит, аҳәынҭқарратә усбарҭақә напхгарарыҭареи аекономикатә политикеи рымҩаԥгашьа инамаданы иҟоу алҵшәақәа рыла Белоруссиа Ареспублика ҿырҧшы бзианы ишыҟоу. Ҷыдала, Аслан Бжьаниа иҳәеит белоруссиатәи иҳараку атехнологиақәа р-Парк аӡбахә, уи аԥхьанатә 200 млн.доллар рҟынӡа ақәхарџьхар, иаиууеит аекспорт 2 млрд доллар инареиҳаны рыхә аинтеллектуалтә џьа аалыҵ (еиҳарак программала аиқәыршәареи амикроелектроникеи русхк аҟны), ашәахтәтә ааимҭақәа шықәсык идыртәоит 350 млн доллар.
Ахада иара убас иацҵаны далацәажәеит Москваҟа иусуратә ныҟәара иамоу алҵшәақәа. Имҩаҧысит Ашәарҭадара Ахеилаки Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра алахәцәеи злахәыз аиҧылара. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки УА аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови злахәыз аиԥыларақәа. Ирылацәажәеит Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауа афымцамчи афымцамч хархәара агәаҭага мыруагқәа рышьақәыргылара иазку аинфраструктуратә қьыреи рызҵаарақәа. Иара убас аиԥыларақәа рыҟны иалацәажәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылареи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭарҿыцреи рзы апроект ианамаданы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра анагӡаразы аусмҩаԥгатәқәа.
Аслан Бжьаниа, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган илыдиҵеит афымцамч аагареи, аинфраструктуратә қьыреи, аҳаиртә еимадара аиҭарҿыцреи реиҿкааразы изыхәҭоу адокументқәа азырхианы, арҭ ахырхарҭақәа аус рыдуларазы Москваҟа ацара.
Аилацәажәараан иара убас иазыӡырҩит изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара иазку Ареспубликатә штаб аусуразы аҳасабырба.
Аштаб анаԥҵаз инаркны иаадырԥшит иагьрымырхит акриптовалиута арҳаразы 1261 мыруга. Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианиҵеит ирымырхыз амыругақәа рышьҭаҵарҭа аҭыԥқәа аинспекциа рзура.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган илҳәеит имҩаԥгоу ауснагӡатәқәеи иааиз аԥхарреи ирыбзоураны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны афымцамч уахыки-ҽнаки ахархәара жәабранмза 5 инаркны 12-нӡа 600 000 кВт⋅с. рыла еиҵахеит, жәабранмза 12 инаркны 27 рыҩныҵҟа 900 000 кВт⋅с. рыла илбааит.
Абасала, ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамзазы афымцамч ахархәара иартәазар 10 млн кВт⋅с, ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы 7,8 млн кВт⋅с рыла еиҵахеит, ари ажьырныҳәамзазтәи арбагақәа акыр иреиҵоуп, ахархәара анормақәагьы ирықәшәоит.
Аилацәажәараҟны Аслан Бжьаниа дазҵааит ВЛ-220 кВ «Ачгәара» шьаҭанкылатәи арҿыцра амҩаԥысшьа атәы. Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит арҽеиратә усурақәа реиҳарак шхыркәшоу, аха уажәы адыдацәыхьчаратә система амонтаж шымҩаԥысуа, уи ҩымз раҟара шаго.
Арҭ аусурақәа «Амшынеиқәафымцамч» амчала изламҩаԥысуа ала, жәабранмза зегьы амш аҽеимра иахҟьаны асистема амонтаж аҿҳәара наҟ инаскьагахеит. Аԥыза-министр иаҵшьны иҳәеит имҩаԥысуа аусурақәа зфольтҳараку ацәаҳәақәа рхаҿы азанџьыр амонтаж ҟаҵареи анаҩс урҭ шьаҟацыԥхьаӡа адгьыл рыҵаҵареи ишазку. Аԥыза-министр иажәахә дазыӡырҩны Ахада уи инапы ианиҵеит иааиуа амчыбжь азы аусурақәа рымҩаԥгашьа ргәаҭара.