Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа реилагаразы ахьырхәрақәа рырӷәӷәаразы азакәан апроект актәи аԥхьараан ирыдыркылеит

23.02.2023

  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалаигалаз «Амҩатә ныҟәарақәа русхк аҟны административтә зинеилагарақәа рыҟаҵаразы аҭакԥхықәра арӷәӷәара ахәҭаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны актәи аԥхьараан ирыдыркылеит

Ари азакәан апроект ала Амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа реилагаразы аҭакԥхықәра иацлоит, амҩақәа рыҟны амашәыр инамаданы иҟоу аҭагылазаашьа аиӷьтәра иацхраауеит.

1.    Аццакра аизырҳаразы, ззин ҟамло асветофор ардырга аан аиҭаҵра, амҩатә дыргақәа «Анеира ҟалаӡом», «Аиҭаҵра ҟалаӡом», «Ашәарҭара» рықәымныҟәаразы, аԥысреи ақәҵәиреи рыԥҟарақәа реилагаразы  —Иреиҵаӡоу Аџьаԥса 80 инаркны 120 рҟынӡа хараԥса, мамзаргьы шықәсыбжак амашьынаныҟәцара азин амхра.
2.    Амашәыртә ҭагылазаашьа аԥҵареи иҷыдоу автомашьынақәа ԥырхагада рныҟәара алмыршареи рзы —Иреиҵаӡоу Аџьаԥса 100 инаркны 150 рҟынӡа хараԥса, мамзаргьы амашьынаныҟәцара азин амхра 6 инаркны 12 мзы рҟынӡа.
3.    Аԥыҩларатә цәаҳәала аныҟәаразы — Иреиҵаӡоу Аџьаԥса 80 хараԥса, мамзаргьы шықәсыбжак амашьынаныҟәцара азин амхра 3 инаркны 6 мыз рҟынӡа.
4.    Аԥынгыла ахыкәшараан аԥыҩларатә цәаҳәала аныҟәаразы — Иреиҵаӡоу Аџьаԥса 20 инаркны 30 рҟынӡа хараԥса.
5.    Шықәсык аҩныҵҟала еиҭа административтә зинеилагаразы — Иреиҵаӡоу Аџьаԥса 140 хараԥса иара убас шықәсык амашьынаныҟәцара азин амхра.
6.    Ухы-утәымкәа автомашьына аныҟәцаразы — Иреиҵаӡоу Аџьаԥса 800 хараԥса,   6 мыз амашьынаныҟәцара азин амхрала, аиҭа зинеилагаразы — 15 мыш аҭакра шықәсык амашьынаныҟәцара азин амхрала.

Иазгәаҭатәуп, Иреиҵаӡоу Аџьаԥса Аԥсны 60 мааҭ шартәо.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org