24.03.2015
Хәажәкыра 24, 2015 шықәса, Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба 1992-1993 шш. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Адыгатәылантәи зхатәгәаҧхарала еибашьра иааз хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа Галинеи Валерии Диколенко дырҧылеит. Аиҧылара далахәын иара убас Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩы Муҳамед Кьылба. Рауль Ҳаџьымба аибашьҩа иан лнапы иаиркит «Агәымшәаразы» амедал адубликат.
Сергеи Диколенко амедал ианашьаразы Аусҧҟа 1995 шықәсазы инапы аҵаҩихьан Аҧсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба, аха мзызқәак ирыхҟьаны хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа рҟынӡа изымнаӡеит.
Ахада гәык-ҧсыкала идикылеит Сергеи Диколенко иҭаацәа, иазгәеиҭеит атәыла анапхгара Аҧсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз Диколенкаа рҵеи иеиҧш, егьырҭ аибашьцәа гәымшәақәагьы рыхьӡ камшәартә, ҿыц игыло абиҧара рҟынӡа инаӡартә еиҧш ирылшо зегьы шыҟарҵо.
«Аибашьра даҽазны ишыҟамло агәра згарц сҭахуп, аҧхьаҟа игыло аҳәынҭқарра аҭынч ҧсҭазаареи аизҳазыҕьареи акәхоит ҳәа рнапы злакызаауа», – иациҵеит аҳәынҭқарра Ахада.
Галина Диколенко Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит ааҧхьарази лҧа ианашьаз аҳамҭеи рзы. «Шәтәыла даара иҧшӡоу тәылоуп, ҳгәыҕуеит аибашьра ахҟьа-ҧҟьақәа рышьҭахь лассы иеиҭашьақәыргылахап ҳәа», - лҳәеит лара.
Ари аҧхьа Аҧсны Ахада аусуратә визитла Адыгатәыла иҟазаараан дырҧылеит 1992-1993 шш. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Адыгатәылантәи зхатәгәаҧхарала еибашьра иааз аветеранцәеи иҭахаз аибашьцәа рҭынхацәеи. Аиҧылараҿы Галина Диколенко Аҧсны Ахада иалҳәеит хабарда ибжьаӡыз лҧа Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа шианашьаз, аха аҭаацәа рҟынӡа ишзымнаӡаз. Рауль Ҳаџьымба Галина Диколенко Аҧсныҟа ааҧхьара лиҭеит. Адыгатәыла иҟоу «Зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа еибашьра иааз аибашьцәа реидгылеи» Ҟарачы-Черқьестәи Атәылантәи зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааз аибашьҩы Муаеда Афаунови ирыбзоураны Сергеи Диколенко иҭаацәа Аҧсныҟа раара еиҿкаан.
Иацы хәажәкыра 23 рзы Сергеи Диколенко иан лҟынтә абиоматериал ган агенетикатә анализ аҟаҵарази Ахьӡ-Аҧша абаҳчаҟны анышә иамадоу аибашьцәа рыҟнытә лҧа иҧсыбаҩ ашьақәыргылара алыршара агәаҭарази. Абри адагьы Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа атәанчахәы рзаужьразы