19.02.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жәабранмза 14 рзы Москваҟа дцеит. Аҳәынҭқарра Ахада иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны УА Ахада Иадминистрациаҟны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигоит.
Аԥсны атәылауаа Аслан Бжьаниа Москваҟа усуратә визитла ицареи уи хықәкыс иамази инарымаданы ианаамҭаз адырра рыҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саити егьырҭ аҳәынҭқарратә информациатә цхыраагӡақәеи рыҟны.
Убас шакәугьы, еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәеи аинформациа-коммуникациатә каҭақәеи рыҟны аиаша иацәыхароу ажәабжьқәа рылаҵәо иалагеит авизит аан Аԥсны Аҳәынҭқарра астатус алацәажәара мҩаԥысуашәа. Рыцҳарас иҟалаз, арҭ ажәабжьқәа Аԥсны аҩныҵҟагьы ҳтәылауааи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи иалацәажәо иалагеит.
Иџьаушьартә иҟоуп зыӡбахә ҳәоу атәылауааи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи абри азҵаара инамаданы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы АИХ рымадаразы Ахада Иадминистрациа аусбарҭахь иахьыдымҵаалац аҳәынҭқарра Ахада Москваҟа ицара ахықәкқәа рзы ирылалаз аинформациазы ахҳәаа азура иаҳәаны.
Еиқәыԥхьаӡоу афактқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра астатус алацәажәара мҩаԥысуашәа игәаҭам, иҵабыргым аинформациа шьаҭас измоу иаартны иҟаҵоу ааԥхьарақәа, атәылауаа џьоуки ауаажәларратә еидгыларақәаки Аԥсны анапхгара иҵаҵӷәыдоу, ишьақәырӷәӷәам ахара адҵаразы рҽазышәарак аҳасабала иԥхьаӡазар алшоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аконституциатә шьақәгылашьа, ажәлар рхы иақәиҭны рхатәҳәаақәҵаразы ирымоу азин ала ҭоурыхла ишьақәырӷәӷәоу исуверентәу, идемократиатәу, изинтәу аҳәынҭқарра закәанԥҵарала ишьақәырӷәӷәоуп, уи зылацәажәарагьы ҟамло акоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аслан Бжьаниа изинмчқәа наигӡоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәеи Аконституциеи инарықәыршәаны.
АИХ рымадаразы Ахада Иадминистрациа аусбарҭа изҭаху зегьы алшара рнаҭоит Аԥсны Ахада иусуразы иаартны аофициалтә информациа аиуразы. Егьырҭ, Аԥсны Ахада иусуразы ахәшьаратә ҵакы змоу ахшыҩҵакқәеи агәаанагарақәеи иофициалтәым аинформациа аацҳамҭақәа иҵабыргу информациатә хыҵхырҭоуп ҳәа иԥхьаӡаӡатәӡам.
Хыхь иазгәаҭоу инамаданы, АИХ рымадаразы Ахада Иадминистрациа аусбарҭа ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит иҵабыргым аинформациатә хыҵхырҭақәа рҟынтә иаауа имцу аинформациа хшыҩзышьҭра амҭаразы.