Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба диҧылеит урыстәылатәи арежиссиор Алеқсандр Сокуров

09.04.2015

Мшаҧы 9, 2015 шықәса, Аҟәа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба диҧылеит урыстәылатәи арежиссиор Алеқсандр Сокуров. Аиҧылара иара убас иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Ельвира Арсалиа, иара убас Фазиль Искандер ирҿиамҭа «Ауаҩы игыларҭа» ахьӡала иеиҿкааз акультура жәларбжьаратәи афестиваль ахылаҧшыҩцәа Шьазина Агрбеи Алеқсеи Шервашиӡе-Чачбеи. .
Алеқсандр Сокуров Аҧсны Ахада изеиҭаиҳәеит Аҧсынтәыла иаҭаара иадҳәалаз игәаанагара атәы. «Сара уажәада Аҧсныҟа смааӡацызт аҟнытә, аиаша шәасҳәап, ақалақь саршанхеит, уи аҧшӡареи архитектуреи. Аҟәа, адунеизегьтәи аҭоурыхтә ҵакы змоу қалақьк аҳасабала, ИУНЕСКО ахәаҧшра иаҧсоуп. Сара Аҟәа аиҧш зеиҧшу ҧасатәи Асовет Еидгыла иахьаҵанакуа акәым, иара Европагьы исымбацт», - иҳәеит иара.

Рауль Хаџьымба арежиссиор ақалақь ас ахә ҳаракны иахьишьаз иҭабуп иаҳәо, иазгәеиҭеит атәыла ауааҧсыра аҳҭнықалақь ахаҿра аиқәырхаразы аҭакҧхықәра ду шрыду атәы. «Ақалақь аибашьрашьҭахьтәи ахәрақәа есааира аҕьара иаҿуп, иахьа ҳара уснагӡатәны иҳамоуп ажәытәӡатәи ақалақь – Аҧсны хаҿыс иамоу аиқәырхара», - иазгәеиҭеит Ахада. Сокуров иҳәеит ари азҵаара аӡбараҿы акырӡа шаҵанакуа аҳәынҭқарра ахадара рганахьала ауаажәларра имҩаҧырго ақалақьхьчаратә уснагӡатәқәа адгылара рыҭара.

Аиҧылараҿы ирылацәажәан Фазиль Искандер ирҿиара ҿыц игыло абиҧарақәа рааӡараҿы ахархәара азҵаареи Искандер ирҿиамҭа «Ауаҩы игыларҭа» ахьӡала иахьа иаатраны иҟоу акультура жәларбжьаратәи афестиваль еиҧш иҟоу ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара аҵакы дуи ртәы.

Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Ельвира Арсалиа аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит афестиваль амҩаҧгараҿы иҟаиҵаз ацхырааразы иара убас уи аартрахьы ааҧхьара илҭеит.

Алеқсандр Сокуров Ахада изеиҭаиҳәеит Фазиль Искандер иповест "Софичка" иалхны афильм аҧҵаразы аҽазыҟаҵарақәеи актиорцәа ралхразы аусрақәеи шымҩаҧысуа. Аҭыхрақәа мҩаҧыслоит Аҧсны, ақыҭақәа Ҷлоу, Арасаӡыхь.

Афестиваль ахылаҧшҩы Шьазина Агрба афестиваль амҩаҧгареи аиҿкаареи рҿы ацхырааразы Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит, аҧхьаҟа иҵегьы ишымҩаҧысуа ала агәыҕра шлымоугьы лҳәеит. «Аҳәынҭқарра аганахьала хымҧада адгылара шәоууеит», - ҳәа уи агәра лиргеит аҳәынҭқарра Ахада.

Рауль Хаџьымба далахәхоит Фазиль Искандер ирҿиамҭа «Ауаҩы игыларҭа» ахьӡала иеиҿкааз акультура жәларбжьаратәи афестиваль аартра. Уи мҩаҧысраны иҟоуп иахьа С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org