10.04.2015
2015 шықәса мшаҧымза 14-17 рзы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москваҟа ивизит. Авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изку алекциа даҧхьараны дыҟоуп, иара убас дырҧылараны дыҟоуп Москва ақалақь аҟны инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Аделегациа иалахәуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада иҧшәма ҧҳәыс Светлана Џьергьениа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт адиректор Уасил Аҩыӡба.