09.02.2023
Имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Асад ҭелла иацәажәара.
Ҭелла аицәажәарааан Аслан Бжьаниа адышшылара ҟаиҵеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсыҭбарақәа зыхҟьаз Шьамтәыла аҩадатәи арегионқәа рыҟны адгьылҵысра инамаданы, шьамтәылатәи аган иадигалеит аԥсабаратә рыцҳара алҵшәақәа риааираҟны ацхыраара.
Башар Асад иҳәеит адгьылҵысра иахҟьаны атәыла зҭагылаз арыцҳараҟны еиҳа улахь еиқәызҵо ишыруаку зҭаацәа зыԥхаз ахәыҷқәа ахьырацәоу.
Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсны агәабзиарачаԥарҭақәа рыҟны ааха зауз ахәыҷқәа рзы ареабилитациа аиҿкаара шалыршахо ианаҭахха, Башар Асад ари иҭабуп ҳәа ахиҳәааит.