09.02.2023
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аиааираҟны ацхыраара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр А. Анқәаб инапы ианҵоуп арҭ ареспубликақәа рыҟны инхо ауааԥсыра агәыҳалалратә цхыраара рыҭаразы аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара.