Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара анапхгара злахәыз есымчыбжьатәи аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.
Аилацәажәараан Аԥыза-министр Александр Анқәаб адырра ҟаиҵеит звольт ҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара» аҟны имҩаԥгоу аусурақәа рылҵшәақәа рзы.
Ҳазҭагылоу аамҭазы арҽеиратә усурақәа реиҳарак мҩаԥгоуп, аха арҿыцрақәа рхыркәшаразы амацәысцәыхьчагатә мыругақәа амонтаж рзутәуп. Амонтаж мҩаԥгахоит иҟоу алшарақәа рхархәарала, УА аҟнытә аспециалистцәа радыԥхьаларада.
Александр Анқәаб иазгәеиҭеит алышәшәақәа рыҟамзаареи Егры Афымцастанциа аӡеизакырҭаҟны аӡы аҩаӡара алаҟәӡареи ирыхҟьаны афымца ашьақәгылара аанкылахар, аамҭа-аамҭала афымца арцәара алагалара аҭахны ишыҟало атәы.
Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит есымчыбжьа аӡеизакырҭаҟны аӡы аҩаӡара инамаданы аҭагылазаашьазы адырра ирҭаларц, заа Аԥсны ауааԥсырагьы афымцамч аҭара аԥкразы аамҭалатәи аамҭеихшаразы иҟало аԥсахрақәа рзы ргәырҽанҵаразы.
Иара убас аизараҟны Ахада дазааҭгылеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны автомашьынақәа аҧхьатәии аҧхьаҟатәи аганахьтәии асаркьақәа рыҟны алашараужьра аҩаӡара аҳәаақәҵара азҵаара. Аслан Бжьаниа адҵа ҟаиҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара автопарк зегьы анормақәа ирықәшәо аҟаҵаразы.
Аизара иалахәыз алацәажәеит апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус аҳәаақәҵаразы азакәан апроект азырхиара азҵаара. Ахада адҵа ҟаиҵеит апартаментқәа знапаҿы иҟоу аҧшәмацәа рмазаразы ашәахтә арбазарц апроект аҟны. Уи аҟнытә иааиуа ахархәагақәа хықәкылатәи абиуџьеттә фонд аҟны еизгахарц, уи ҷыдала Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рыбзазара аиӷьтәра иазырхазарц.