19.01.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи Акафедралтә Ныхабааҟны анцәамаҵзура даҭааит.
Абри амш аҽны, ажьырныҳәамза 19 рзы аиашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәа Анцәа Аӡыиӡаахра мамзаргьы Анцәаицәырҵра амш азгәарҭоит.
Аныхаҟны анцәамаҵзура мҩаԥигон Аԥснытәи Аиашахаҵаратә ныха Ахада аԥшьаҩеиҳабы Бассариан (Аԥлиаа)
Иахьа аҳәынҭқарра Ахада иара убас Каман иҟоу Иоанн Ахьҿы иныхабаагьы даҭааит.