Ашықәс Ҿыц аламҭалаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҧшәмаҧҳәыс Аелита Ахьиба Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа ҳазҭалараны иҟоу аныҳәа рыдылныҳәалеит, зегьы хаҭа-хаҭала ахаа-мыхаақәа ҳамҭас ирылҭеит.
Ашкол аҧхьа Аелита Ахьиба дылҧылеит Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Беслан Ешба.
Аҵаҩцәа Ахада иҧшәмаҧҳәыс ашәҭшьыҵәрақәа лырҭеит, иара убас рнапала иҟарҵаз ашықәсҿыцазтәи ажьа.
"Акыр иаҧсоу ахәыҷқәа, Аҵаа Бабаду ихаау аҳамҭақәа шәзааигеит. Ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц. Еснагь шәлахҿыхыз, шәгәы бзиаз, шәҭаацәа ишәырҭараны иҟоу аҳамҭақәа рыда хьаа рымамзааит. Даара бзиа шәаҳбоит, Ахада иакәзар, салам шәиҭоит", - лҳәеит Аелита Ахьиба.
Ахәыҷқәа дрыдныҳәалеит иара убас аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.
"Ҳара даара ҳазгәыдууп ақалақь аҟны згәабзиара ҧку ахәыҷқәа рзы ас еиҧш иҟоу, алшара бзиақәа рызҭо ацхыраагӡатә школ ахьҳамоу. Хымҧада, иҟоуп аус здаҳулаша, аҧхьаҟа арҭбаара ҳгәы иҭоуп. Сара избоит, ашкол аҟны аус зуа аџьа шырбо, азҿлымҳара ирымоу.
Анаҩс Беслан Ешба Ахада иԥшәмаԥҳәыс иҭабуп ҳәа лаиҳәеит ахәыҷқәа дрыдныҳәаларц дахьааз.
Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ адиректор Викториа Ҭаркьыл ахәыҷқәа ирҭааз асасцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
Иахьа, иара убас Аелита Ахьиба Очамчыра араион Тамшьтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа дрыдныҳәалеит. Ашколхәыҷқәа аҳәынҭқарра Ахада иҧшәмаҧҳәыс иҭабуп ҳәа ларҳәеит, ажәеинраалақәа илызрыҧхьеит, ажәа лырҭеит аҵара бзианы ишырҵало азы.