28.12.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵала Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба аилацәажәара мҩаҧигеит азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны.
Уи иалахәын Аԥыза-министр Александр Анқәаби Иреиҳаӡоу аӡбара ахантәаҩы Саида Быҭәбеи.
Аилацәажәараҟны иазааҭгылеит акриминогентә ҭагылазаашьеи аныҳәамшқәа раан аинфраструктура аобиектқәа рганахьала ауаажәларратә шәарҭадара алыршареи рызҵаарақәа. «Ари аусура аганахьала шәара аԥышәа шәымоуп, аилазаарақәа зегьы русеицура рыӷәӷәатәуп,– иҳәеит Б.Гәынба, аилацәажәара аартуа.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба адырра ҟаиҵеит ауаажәларратә леишәеи ашәарҭадареи рышьақәыргылареи ашықәсҿыцазтәи амшқәа раан иҟалар зуа азинеилагарақәа рзы агәҽанҵареи рзы ԥхынҷкәынмза 26 инаркны ААР хаҭалатәи аилазаара амаҵзура анагӡараан ирӷәӷәоу арежим ашҟа ишиасуа. «Аминистрра иахьчоит ақалақьтә школқәа аабеи ауаа реизарҭатә обиектқәа ҩбеи – Аҟәатәи аџьармыкьа хадеи ахәаахәҭратә комплекс «Сухумприбор-и», - иҳәеит аминистр.
Атуристтә обиектқәеи атуристцәа реизарҭа аҭыԥқәеи ААР ҷыдала хылаԥшра азнаулоит,-- иазгәеиҭеит В. Быҭәба. Иара убас, уи иажәақәа рыла, ҷыдала, хшыҩзышьҭра аҭоуп амҩаҟны ашәарҭадара. «Есҽны ареидқәа мҩаԥысуеит ареспублика араионқәа рыҟны. Зхызтәымкәа аԥсҟы зку ахаҿқәа рхыԥхьаӡара маҷк ишагхазгьы, иааизакны аҭагылазаашьа ҽеиӡам, - иҳәеит В. Быҭәба. – Иҳаҩсыз амчыбжь азы мацара амҩақәа рыҟны иазгәаҭоуп Амҩатранспорттә хҭысқәа фба, ҩба рыҟны аԥсыҭбарақәа ыҟоуп».
Аминистр далацәажәеит 2023–2024 шш. рзы амҩатә машәырқәа рзы агәҽанҵареи амҩатә ԥҟарақәа реилагара азԥхьагәаҭареи хықәыс измоу ААР иазнархиаз Ԥсоу –Аҟәа, Ԥсоу -Очамчыра автомҩаҟны афото-видеошьақәыргылара асистема аиҿкааразы апрограмма апроект атәы.
«Ари амыруга амҩақәа рыҟны аҭагылазаашьа акырӡа аҭышәныртәалара алшоит. Зыӡбахә ҳамоу амыруга 200 млн.мааҭ иаԥсоуп.,- иҳәеит аминистр.
Апрокурор хада Адгәыр Агрба адырра ҟаиҵеит ацәгьоура аҿагыларазы имҩаԥырго ауснагӡатәқәеи ашьаус дуқәа рыхәаԥшра аганахьала Ахада инапынҵақәа рынагӡашьеи ртәы.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара инамаданы азинхьчаратә усбарҭақәа русура бзиоуп ҳәа ахә ишьеит, хшыҩзышьҭра аҭаны иҳәеит ауаажәларра рыԥсҭазаара аганқәа зегьы рыҟны аԥхьаҟагьы азакәан ақәныҟара шаҭаху атәы.