27.12.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаҧҵоуп 1992-93 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеренцәа рхеилак.
"1992-93 шш. Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рсоциалтә хьчара аусхк аҟны аҳәынҭқарратә политика лҵшәа бзиала анагӡаразы иаҧҵазааит 1992-93 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рхеилак Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациаҟны", - аҳәоит ҧхынҷкәынмза 27 рзы аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵаҩу Аусҧҟа.
Ахеилак аилазаараҟны иҟоуп:
Қьышьмариа М. Б - Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистр арратә иабжьгаҩ хада, Аҧсны Афырхаҵа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациаҟны иаҧҵоу 1992-93 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак ахантәаҩы;
Беиа М.Ч - В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор;
Григолиа Л. Г. - 1992-93 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" иреиҳаӡоу Асовет алахәҩы, "Леон" иорден занашьоу;
Гәылиа Ҭ.Л. - 1992-93 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу;
Какәыбаа Н. Т. - аполитикатә партиа "Амцахара" Апрезидиум алахәыла, Аҧсны Афырхаҵа;
Косиан В. А. - "Леон" иорден занашьоу;
Ломиа О. К. - аполитикатә партиа "Амцахара" Апрезидиум алахәҩы, Аҧсны Афырхаҵа;
Надараиа Ҭ. Х. - 1992-93 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ, "Леон" иорден занашьоу;
Осиа Л. Д. - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата алахәҩы, Аҧсны Афырхаҵа;
Оҭырба А. М.- Аҧсны Афырхаҵа;
Попков Иу.Б. - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата алахәҩы, "Леон" иорден занашьоу;
Смыр Р. К. - 1992-93 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" алахәҩы, "Леон" иорден занашьоу;
Цыгәба А. М. - аполитикатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы, Аҧсны Афырхаҵа;
Шьынқәба Б. С. - аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа ареферент еиҳабы - Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ.